СОБЫТИЯ

Пятница, 23 января 2026 18:06

Владимир Делба Аҧсны зҽаҧсазтәыз азыкаҵаҩ Ӡыкә Бениа иубилеи идиныҳәалеит

Аҧыза-министр Владимир Делба зхы иақәиҭу ақәҧаразы Аҧсны зҽаҧсазтәыз азыкаҵаҩ Ӡыкә Бениа иубилеи идиныҳәалеит.



Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Ӡыкә Маҳмед-иԥа!
Аҧсны аиҳабыра рыхьӡала 85 шықәса шәхыҵра шәыдсныҳәалоит.

65 шықәса инареиҳаны иҵуеит аҿар аспорт радҧхьалара, рааӡара шәнапы алакуижьҭеи. Шәара шәыбла ҵар есымша иалнакаауан аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар.
Шәара аспортсменцәа рабиҧарақәа рацәаҩны ишәааӡамҭоуп. Дара рахьынтә аӡәырҩы азыҟаҵаҩцәас инашәывагылеит. Аспорт анҭыҵгьы, дара рзы шәара игәакьоу уаҩны шәыҟоуп.

Зхы иақәиҭу ақәҧара аҿы Аҧснытәи аспортсменцәа ирымоу ақәҿиарақәа шәыхьӡ иадҳәалоуп, ари спорт хкы Аҧсны иалаҵәаны иҟазҵаз шәыруаӡәкуп.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа, шәусураҿы шәгәы ҭызгаша аихьӡарақәа, шәаааӡамҭацәа рлыҵшәа бзиақәа. 

 
Прочитано 29 раз Последнее изменение Суббота, 24 января 2026 01:25